Арадио

Қәычбериа: Очамчыра араион ақыҭанхамҩа ааха ду аҭоуп

Аамҭала Очамчыра араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Славик Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз ааинтервиу аҿа иазгәеиҭеит ахәаҷақәа араион ақыҭанхамҩа ааха ӷәӷәа шарҭаз.
Sputnik
Қәычбериа: Очамчыра араион ақыҭанхамҩа ааха ду аҭоуп

"Ари амчыбжь аҩныҵҟа анхацәа зегьы адырра ҳарҭоит ахәаҷақәа рхыԥхьаӡара шырацәахаз, уаанӡа усҟак иубарҭамызт, уажәы рхыԥхьаӡара акырӡа иацлеит. Аԥши арасеи аԥырхага ду рнаҭеит. Ақыҭақәа рхадацәа ахәшә рзаҳшеит", — ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.