АҶА Ԥсҳәытәи аҷкәын ацхыраара ирҭеит

18 шықәса зхыҵуа, Ԥсҳәы ақыҭан инхо Дмитри Гарианов ԥхынгәы 24 рзы ашәақь ала дхәын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 18 шықәса зхыҵуа, Ԥсҳәы ақыҭан инхо Дмитри Гарианов ԥхынгәы 24 рзы ашәақь ахы иаахеит.

Гарианов Ԥсҳәынтәи Аҟәаҟа дааган АҶА аверталиот ала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ԥсҳәы иҟоу АҶА ахәҭа аиҳабы Сергеи Зинченко.

"Ахҭыс ҟалеит Ԥсҳәы 30 километра инахыкны Грыбза аҭыԥ аҿы. Ашәарыцаҩцәа ашәақь халахысыҩ ықәдыргылон. Дмитри уи машәырны даҿыҵашәеит", — иҳәеит иара.

Аиқәырхаҩцәа адырра шроуз еиԥш уахь инеиит. Ахәра зауз аҽы дақәҵаны Ԥсҳәынӡа дылбааргеит. Уи ф-сааҭк аҭаххеит. Уаҟа иара актәи ацхыраара иҭан. Ԥсҳәынтәи АҶА аверталиот ала Аҟәаҟа дааган.

"Аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи иара ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган" — иҳәеит Зинченко.