Черчесов иреиӷьу азыҟаҵаҩцәа рсиа данылар алшоит

Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда, ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аҿы афинал аԥшьбатәи ахәҭаҟынӡа инеиит. Пенальти асериақәа рыла ахорватцәа ирыҵахеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Ашьапылампыл азы Урыстәыла еизгоу акоманда, ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аҿы афинал аԥшьбатәи ахәҭаҟынӡа инеиит. Пенальти асериақәа рыла ахорватцәа ирыҵахеит. Акоманда азыҟаҵаҩ хада Станислав Черчесов ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи Афедерациа (ФИФА) аверсиала иреиӷьу азыҟаҵаҩцәа рсиа даҵанакит.

Путин Урыстәылатәи акоманда ахәмарра ахҳәаа аиҭеит

Асиа иануп Дидье Дешам, Златко Далич, Франциеи Хорватиеи афинал аҟынӡа рнагара зылшаз, иара убасгьы Бельгиеи Англиеи ркомандақәа разыҟаҵаҩцәа — Роберто Мартинес, Гарет Саутгеит.

Иара убасгьы аноминантцәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп:

Массимилиано Аллегри ("Ювентус"),

Хосеп Гвардиола ("Манчестер Сити"),

Иурген Клопп ("Ливерпуль"),

Диего Симеоне ("Атлетико", Мадрид),

Ернесто Вальверде ("Барселона"),

Зинедин Зидан ("Реал").

ФИФА асаит аҿы абжьыҭира аартхоит нанҳәа 10 рзы. Аԥхьахәқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 24 рзы, Лондон.