Путин Урыстәылатәи акоманда ахәмарра ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин с мячом в руках, архивное фото
Президент РФ В. Путин с мячом в руках, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ашьапылампылтә команда ԥхынгәы 7 рзы Шәачатәи астадион аҿы Хорватиатәи акоманда иаҵахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла еизгоу акоманда ачемпионат афинал 1/4 ахәҭаҿы иаанарԥшыз ахәмарра бзиа, абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт, Урыстәыла Ахада Владимир Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганны.

Песков иажәақәа рыла атәыла ахада асабшаҽны ҩынтә акоманда азыҟаҵаҩ хада Станислав Черчесов ҩынтә ҭелла диацәажәеит.

"Аԥхьа ҭелла еицәажәон ахәмарра иалагаанӡа, аҩынтә раан ахәмарра анеилга ашьҭахь", — иҳәеит иара.

Адунеи ачемпионат аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда ахәмарра бзиаӡа аанарԥшит.

Ажәабжьқәа зегьы
0