Трамп абаџьқәа мап еицрыцәктәуп иҳәеит

Уаанӡа Америка Ахада адҵа ҟаиҵахьан Евроеидгыла атәылақәа рҟынтәи аџыри алиуминии абаџь рықәҵатәуп ҳәа. Евроеидгыла уи аҭак аҳҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Уаанӡа Америка Ахада Дональд Трамп адҵа ҟаиҵахьан Евроеидгыла атәылақәа рҟынтәи аџыри алиуминии абаџь рықәҵатәуп ҳәа. Евроеидгыла уи аҭак аҳҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит. Дональд Трамп уажәы евроеидгыла иадигалеит баџьда аилахәаахәҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла америкатәи атауарқәа абаџь рықәырҵоит

"Евроеидгыла ахаҭарнакцәа Вашингтонҟа иааираны иҟоуп ахәаахәҭразы аилаӡарақәа ирылацәажәарц. Сара исымоуп ирыдызгалаша аидеиа. Америкагьы Европагьы абаџьқәа мап рыцәкны "ицқьаны" еилахәаахәҭлароуп. Сгәыӷуеит сидеиа рыдыркылап ҳәа. Ҳара уи ҳазыхиоуп" ҳәа иҩуеит Трамп Twitter аҿы.

Уаанӡа Америка Ахада адҵа ҟаиҵахьан Евроеидгыла атәылақәа рҟынтәи аџыри алиуминии абаџь рықәҵатәуп ҳәа. Евроеидгыла уи аҭак аҳҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.