Аԥсны Ахада Бырзентәыла ауааԥсыра дрыдышшылеит

Бырзентәыла абри амчыбжь азы абнақәа амца ркит. Иҭахеит 80-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Бырзентәыла Аԥыза-министр Алексис Ципрас дидышшылеит атәылаҿ иҟалаз аԥсабартә рыцҳара инамаданы.

"Аԥсны атәылауаа гәалсра дула ирыдыркылеит аԥсыҭбарақәа зыцны Аттика иҟалаз арыцҳара", — аҳәоит адышшыларатә шәҟәы.

Аԥсны ахада ижәлари хаҭала иара ихьӡалеи дрыдышшылеит иҭахаз рыуацәа рҭынхацәа, ааха зауз иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьишьеит.

Бырзентәыла абри амчыбжь азы абнақәа амца ркит. Иҭахеит 80-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Атәыла Аԥыза-министр Алексис Ципрас ижәлар хымштәи алахьеиқәра рылеиҳәеит. Бырзентәыла апрокуратура амцакра амзызқәа ҭырҵаауеит.