Арадио

Џьынџьиа: ашколтә шәҵатәы ззаамхәо рыцхраара азгәаҭоуп

Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәара дуқәа рхәыҷқәа ашколтә шәҵатәыла реиқәыршәаразы аиҳабыра аҟынтә ацхыраара азгәаҭоуп ҳәа.
Sputnik

"Иҟоуп  ашколтә шәҵатәы ззаамхәо, зҭагылазаашьа уадаҩу ауаа. Аԥыза-министр инапхгарала? аҵара аминистрра аҟынтәи иҳарҳәеит ахәыҷы рацәа ахьыҟоу, ауадаҩрақәа змоу, ашколтә шәҵатәы аахәара злымшо аҭаацәарақәа рсиа ҟаҳҵарц. Урҭ ацхыраара рырҭоит. Мчыбжьык ҳарҭеит, ашколқәа рнапхгаҩцәа ирдыруеит, асиақәа реиқәыршәара ҳаҿуп", —иҳәеит Џьынџьиа.