"Арыцқьарақәа аҩбатәи рыхәҭа мҩаԥаагоит. Раԥхьа урҭ ирылагеит Алхас Џьынџьали Баҭал Џьапуеи. Мҽхакы ҭбаала уаҟа арыцқьарақәа мҩаԥырымгацызт аибашьра еилгеижьҭеи. Археологцәа Ҭраԥшь, Воронов, Бӷажәба аҭыԥаҟны аҭҵаарақәа ианрылага, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарраны иҟарҵеит. Ӡынгьы-ԥхынгьы аус руан араҟа, аматериал рацәаны иаарԥшын, Ҵабалтәи акультура ҳәа хьӡыс иаиуит. Абаа зықәгылоу ҩ-хәык рҟны аҭҵаарақәа хыркәшамызт. Руак акәын иаҳа иҭҵаааз. Ҳара аҩ-хәык ҳрыцқьар ҳҭахуп. Арыцқьарақәа мҩаԥызго ауаа реиҳараӡак археологцәаӡам, баша Аԥсны бзиа избо ауаа роуп", — иҳәеит Ҟаитан.
Анҵамҭа иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиоподкаст аҟны.