Гагратәи абоксиор афинал ахь анеира иҽазишәоит

Абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 22 – 28 рзы Тиумень.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Аԥснытәи абоксиор Герман Арџьениа афинал ахь анеира иҽазишәоит ҳәа Sputnik иазааицҳаит абокси атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә школ адиректор Альберт Карди оглы.

"Герман Арџьениа Москва ахьӡала дықәгылоит. Иара уаҟоуп иҽахьазыҟаиҵо. Иахьатәи иқәгылараан Краснодартәи аспортсмен дииааиит", — иҳәоит иара.

Аиндаҭлара далахәын аԥснытәи аҽа спортсменкгьы. Артур Джидариан афинал аԥшьбатәи ахәҭаҿынӡа днеиит.

Абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 22 – 28 рзы Тиумень. Афинал аҿы иалкаахоит иреиӷьӡақәоу 13-ҩык. Урҭ ҭагалан Европа иқәгылоит.