Герман Арџьениа афинал ахь днеиит

Абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 22 – 28 рзы Тиумень.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Гагратәи абоксиор Герман Арџьениа Урыстәыла аиндаҭлара афинал ахь днеиит Чечентәыла аспортсмен иаԥыганы ҳәа Sputnik иазааицҳаит иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

Гагратәи абоксиор афинал ахь анеира иҽазишәоит

"Иахьа Герман ицықәгылоз Урыстәыла, нас Европа атәылақәа рҟны аиааиарқәа згахьаз аспортсмен Тамерлан Аиубов иоуп. Ииааирагьы акыр иуадаҩын" — иҳәеит Џьологәуа.

Иара иажәақәа рыла Герман ҩымз раԥхьа аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит.

"Есҽны ашьхарахь ҳхалон. Уахь 15 километра, арахь аҽа 15 километра. Уи ашьаҭахь Москва Чехов араион аҟны аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын. Уаҟа иара атехника аус адиулон", — ҳәа еиҭеиҳәоит азыҟаҵаҩ.

Афинал аҿы 15 шықәса зхыҵуа ҳаспортсмен диндаҭлараны дыҟоуп Свердловсктәи аспортсмен Максим Шумов.

Абокс азы Урыстәыла аиндаҭлара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 22 – 28 рзы Тиумень. Афинал аҿы иалкаахоит иреиӷьӡақәоу 13-ҩык. Урҭ ҭагалан Европа иқәгылоит.