Владислав Арӡынба ибаҟахьы уназго амҩа ҟарҵоит

Аԥшьаша имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс ашҟа узго амҩа еиҭашьақәыргылахоит иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа.

"Алашарбага аҳабла мҩа бзиала еиқәыршәахоит", — иҳәеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит АЕ "Аԥсныбылтәы" 2018 шықәсазтәи ахашәала ахәҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет ахь иахьынанашьҭуа. Абри ахәҭалаоуп амҩа аҟаҵара шазыԥхьагәаҭо. Абиуџьет иахыԥхьаӡалахо аԥара 80 миллион мааҭ артәоит.

Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы 65 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ешыра, Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз аибашьцәа рывара.