Арадио

Кәарҷиа: анхаҩы иус аҿы адгылара иҭахуп, аԥара шԥаимаҳхри ҳәа азхәыцра акәым

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, икоммерциатәым аиҿкаара "Крепкий орешек" анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа араса алгаразы абаџь ҿыц анхацәа акыр ирзеицәоуп, ҳәа ахиҳәааит арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәарҷиа араса абаџь ақәҵара иазкны

"Араса, сара избо, ԥшьба-хәба чымазара амоуп, изыхҟьо аӡәгьы издырӡом, иҟазҵо рыздырӡом, ишыхәышәтәтәу рыздырӡом, арахь абаџь ақәырҵоит. Иҟаҳҵари, ҳабашәыцхраари ҳәа аӡәгьы хьаас анхаҩы димам. Абжьыуаа рҭагылазаашьа даара ихьанҭахоит. Аџьықәреи ҟамлар, араса ҟамлар, ауаҩы ихы зланыҟәыигои? Даара сгәы каҳан сыҟоуп. Ауаҩы ак ҟазҵар зҭаху ганрацәала идгылоит ақыҭанхамҩа аганахь ала, ҳа ҳҟны– аԥара шԥарымаҳхри ҳәа итәаны ихәыцуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.