Арадио

Маланиаԥҳа адипломатцәа ҿарацәа рфорум иазкны: ихырҳагаз еиԥыларан

Москва имҩаԥысуаз Евразиа иқәынхо адипломатцәа ҿарацәа V-тәи рфорум шымҩаԥысуаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩы Викториа Маланиаԥҳа.
Sputnik

"Афорум иалахәын аа-ҳәынҭқаррак рҟынтә адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рҿы аус зуа адипломатцәа ҿарацәа. Ҳара-ҳара ҳаиҿцәажәара адагьы иҳаман алшара еиуеиԥшым аспикерцәа рыҿцәажәара, иаҳҭахыз азҵаарақәа рыҭаны, урҭ рҭак ҳауан. Даара ихырҳагаз аиԥыларақәа мҩаԥган. Иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқаррақәа зегьы еицырзеиԥшу актуалра змоу, иҵарны иқәгылоу ауадаҩарақәа ирылацәажәан. Аекологиа, жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа уҳәа афорум атематика еиуеиԥшымызт", — ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.