Ердоган БРИКС алидерцәа Ҭырқәтәыла алианс иаларҵарц аҳәара ҟаиҵеит

БРИКС асаммит мҩаԥысуан ԥхынгәы 26 - 27 рзы Иоханнесбург. Аиԥылараҿы атәыла-лахәылацәа рлидерцәа рнапы аҵарҩит аиҿкаара жәашықәсатәи аусура аихшьаалақәа рзы Иоханнесбургтәи адекларациа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30— Sputnik. Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган БРИКС алидерцәа Ҭырқәтәыла алианс иаларҵарц аҳәара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Hurriyet Daily News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәыла Ахада иазгәеиҭеит итәылеи БРИКС атәылақәеи аекономикеи, аинвистициақәеи, анаука-техникатә усурақәеи русхк аҟны усеицура алҵшәа аиуаны ишибо.

Уаанӡа Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҳәахьан БРИКС аизырҳара макьаназ ишазыԥхьагәаҭам, аха иара убри аан уи аӡәгьы мап шацәимкуа.

БРИКС асаммит мҩаԥысуан ԥхынгәы 26 — 27 рзы Иоханнесбург.

Аиԥылараҿы атәыла-лахәылацәа рлидерцәа рнапы аҵарҩит аиҿкаара жәашықәсатәи аусура аихшьаалақәа рзы Иоханнесбургтәи адекларациа.