Урыстәыла абокс азы атурнир аҟны Герман Арџьениа аразны медал игеит

Урыстәыла абокс азы атурнир аҟны 15-шықәса зхыҵуа аԥсуа боксиор диндаҭлон свердловсктәи аспортсмен Максим Шумов.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Герман Арџьениа аиндаҭлараҿы 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит абоксиор иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

Герман Арџьениа афинал ахь днеиит

"Аӡбаҩцәа рҟынтәи ҩыџьа Герман далыркааит, хҩык Шумов. Агәра ганы сыҟоуп Герман дшеиӷьыз, аха… Атурнир иалахәыз азыҟаҵаҩцәа ргәаанагарала Герман еиҳа-еиҳа иқәгылара еиӷьитәуан", — иҳәеит иара.

Афинал аҟны днеиаанӡа Герман акыр иуадаҩыз амҩа данысит абри атурнир аҿы ҳәа азгәеиҭоит азыҟаҵаҩ.

"Хә-қәгыларак мҩаԥигеит. Ицықәгылақәоз рышәара ҳаракын", — ҳәа еиҭеиҳәоит Елизбар Џьологәуа.

Урыстәыла абокс азы атурнир аҟны 15-шықәса зхыҵуа аԥсуа боксиор диндаҭлон свердловсктәи аспортсмен Максим Шумов. Максим Шумов – 57 кьыла иҟоу рыбжьара Европа дачемпионуп.

"Максим афинал аҟынӡа днеиаанӡа дызцықәгылоз риааира уадаҩрак аламызт. Герман иакәзар, еиҳа иӷәӷәоу ҳәа ишьаз дрындаҭлон. Аиааира иара итәуп ҳәа исшьоит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Џьологәуа иазгәеиҭеит Герман ареванш иҽшазыҟаиҵо.

Абокс азы ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭларақәа мҩаԥысуан Тиумень, ԥхынгәы 29 рзы ихыркәшахеит. Ииааиз 13-ҩык Италиаҟа ицараны иҟоуп Европа ачемпионат алахәхаразы.