"Аҿазыҟаҵарақәа уажәы есыҽны ицоит. Нанҳәамзазы арепертуар ақәыргыламҭақәа ааба рыла ишьақәгылоуп. Урҭ арбану убар алшоит аинтернет даҟьаҟны. Исҳәар сҭахуп, ҳхатә хәаԥшҩы дышҳамоу, ҳтеатр аҟны ицо ақәыргыламҭақәа ирызҿлымҳау. Иазгәасҭар сҭахуп иара убас, Аурыс театри ҳтеатри аиндаҭлара рыбжьамзароуп ҳәа. Ҳара шҭак аҟны иҟоу атеатрқәа ҳауп. Иахьа ҿырԥшыгас иҳамоуп Аурыс театр, иахьа аус бзианы иауеит. Ҳара ҭаацәакны ҳаҟазароуп. Нанҳәа аказы ҳгәы иҭоуп ахәыҷтәы театралтә студиа аартра", — лҳәеит Ҭыжәԥҳа.