Арадио

Амҷба ауниверситет азеиԥшнхарҭазы: астудентцәа ҳадаҳкылартә иҟоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭатә ҩны акомендант Зураб Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҵарашықәс ҿыц азы астудентцәа рыдыркылартә ишыҟоу.
Sputnik

Амҷба ауниверситет азеиԥшнхарҭазы: астудентцәа ҳадаҳкылартә иҟоуп
"Иахьазы азеиԥшнхараҭа еиқәшәоуп астудентцәа шәҩык инареиҳаны иҳадаҳкылартә еиԥш. Ҳәарас иаҭахыузеи, иагқәоу акы- ҩба ыҟоуп, аха уи мызкы аҩныҵаҟа аҵара иалагаанӡа рҭыԥ иқәҵахоит. Ауниверситет анапхгара ҳацхраауеит. Азеиԥшнхарҭа зыргылаз ицәагхақәаз ҳаицәажәаны аҟаҵара ҳаҿуп. Аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш азеиԥшнхараҭа Аԥсны иҟам. Сгәы иаанагоит уи иҩнало аҿаргьы пату ақәҵаны иазныҟәап ҳәа. Азеиԥшнхарҭаҟны аус зуа ракәзар, зегь ҳадаҳкылахьеит. Ҳазхиоуп иааиуа астудентцәа ишахәҭоу еиԥш рыдкылара. Насгьы ахә дуӡам, 1500 мааҭ мызкы, иҟоуп аӡырԥха, аӡы хьшәашәа. Еихагылацыԥхьаӡа акрыфарҭақәа рҟны иҟоуп архьшәашәагақәеи афымца плитақәеи ҩба- ҩба, аишәақәа, аҟәардәқәа", — иҳәеит Амҷба.