Апырпыл ца, нас аџьыка: Аӡҩыбжьа ақыҭан апырпыл шҿырхуа

Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан анхацәа апырпыл ца ҿырхуеит, араҟа аусура еилашуеит.
Sputnik

Аӡҩыбжьатәи арԥхарҭақәа рыҟны ауҭраҭыхи, ашәыри, аргәыцқәеи ашьыжь асааҭ хәба инаркны аусзуҩцәа аҟәшәара иалагоит. Есыҽны, Доԥықьыҭ ақыҭантә усура ҳәа даауеит Лиудмила Депелиан. Лара лажәақәа рыла, апырпыл ашьыжь иҿыхтәуп, ашоура бааԥс аныҟоу ауҭраҭых ԥхасҭахар алшоит.

Апырпыл ца араҟа еиҭарҳаит ааԥынра, аусзуҩцәа идрашәон, идрыцкьон, иҿарҳәон.

Аԥсуаа апырпыл ца аиҳарак иалырхуеит аџьыка, насгьы идырҵәуеит.