Аԥсуа драматә театр аҿы ахәыҷтәы студиа аартхоит

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы иаартхоит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ".
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. 2018 шықәса цәыббра 1 инаркны Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы иаартхоит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ", абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсуа драматә театр АИХи ауаажәларреи реимадара адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәба.

Астудиахь акастинг аартхоит нанҳәа 1 инаркны. Раԥхьа иргыланы уахь инеиуа аԥсуа бызшәа рдыруазароуп. 8-16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ажәеинраала иаԥхьар, икәашар, ма рҿиамҭак ацыԥҵәаха ддырбар ҟалоит.

Иалыркаауа ахәыҷқәа иддырҵалоит актиортә ҟазара, асценаҿ ахымҩаԥгашьа, ахореографиа.

Ҭыжәба лажәақәа рыла астудиа аартра хықәкны иамоуп аҿар рыбжьара аԥсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхра, рырҿиаратә лшара.

Атеатртә студиаҿы азыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит аԥсуа бызшәала, мчыбжьык ахь ҩынтә.