Арадио

Џьынџьиа: Ԥақәашьтәи аҩбатәии Аҭаратәи ашколқәа рҭагылазаашьа уадаҩуп

Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

Џьынџьиа: Ԥақәашьтәи аҩбатәии Аҭаратәии ашколқәа рҭагылазаашьа уадаҩуп
"Араион аҟны ашкол ҿыцқәа Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь актәи ашкол, Акәасқьа иҟоу алаҳамҵозар, егьырҭ зегьы аиҭашьақәыргылара зҭаху роуп. Избанзар ҩажәашықәса рахьынтә знык иналак-аалакны иҟауҵо ахәыҷқәа ахьҭоу ахыбразы, идыру усуп, аҭахрақәа зегьы шзынанамыгӡо. Иахьазы аргыларатә усурақәа цоит Ҭхьына, ҿыц ибзианы иргылахоит ашкол. Иааиуа ашықәс азы ахархәарахь  ирырҭап ҳәа ауп. Ахәыҷқәа макьаназы  ажәытә хыбраҟны аҵара рҵалоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа бзианы ицоит Аҽгәаратәи ашкол аҟны. Аибашьра еилгеижьҭеи уаҟа  аҵара рҵартә иҟамызт. Ахатәы ҩнқәа рҿы ахәыҷкәа рҵара  еиҿкаан. Очамчыра  ашколқәа аиҳарак  егьырҭ араионқәа рҟны еиԥш ацхыраара рҭахуп. Ӷәадатәи ашкол ҵыԥх араион ацхыраарала хыхь-хыхь иҟаҵоуп, хар амам. Аха рҭагылазаашьа уадаҩуп Ԥақәашьтәи аҩбатәии Аҭаратәии ашколқәа", — иҳәеит Џьынџьиа.