"Абри ақыҭаҿы иаҳбеит аԥсуара иатәу, шамахамзар, еиқәханы ишыҟоу. Аҷандара ажәабжь, аныҳәарақәа здыруа рацәаҩуп, уи аганхьала абжьаратә абиԥара иаҵанакуагьы, аиҵбацәагьы ухәоит. Урҭ ахра еиԥш дрылыҳәҳәоит зықәра хатәроу ажәабжьҳәаҩ Султан Ахба.
Аҷандара ибзианы еиқәханы иҟоуп ашәарыцара атрадициа, уи абиԥарақәа еимаданы иааргоит. Насгьы иҳәатәуп, даҽа қыҭак аҿы иуԥымло уа иаҳбеит, аҩбатәи аныҳәаҿа Ажәеиԥшьаа ихьӡала иааныркылоит. Ақыҭаҟны иаҳбеит аӡәымкәа аныҳәаҩцәа, ишахәҭоу аныҳәарақәа мҩаԥызго, ирацәоуп еиқәырханы ирымоу. Иара убас ақыҭаҿы ахәшәҟаҵаҩцәагьы рымоуп. Аԥсуа жәлар рхыхьчагақәеи рхыхьчашьеи атрадициа ду еиқәырханы ирымоуп", — лҳәеит Габниаԥҳа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа ҩажәаҩык инарзынаԥшуа Аҷандара ақыҭан имҩаԥыргоит афольклортә, аетнологиатә, абызшәатә експедициа. Уи напхгара алҭоит аинститут афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа.