Семен Григориев Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартамент дахагылеит

Семен Григориев жьҭаара 25, 2008 шықәса инаркны хәажәкыра 20, 2018 шықәса рҟынӡа Аԥсны аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Семен Григориев Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра афедерациа асубиектқәеи, апарламенти, ауаажәларреи реимадаразы адепартамент дахагылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев идипломатиатә усура хырқәшахеит

Семен Григориев диит Москва, 1960 шықәса рзы. МГИМО далгеит 1983 шықәса рзы.

1983 шықәса рзы ихациркит идипломатиатә кариера Афганистан.

Пушту, дари, аперс, англыз бызшәақәа идыруеит.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан Абжьаратә Мрагылареи Азиа атәылақәеи рҿы.

Семен Григориев жьҭаара 25, 2008 шықәса инаркны хәажәкыра 20, 2018 шықәса рҟынӡа Аԥсны аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан.