Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев идипломатиатә усура хырқәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча президента Хаджимба с послом Григорьевым, по случаю окончания дипмисси посла
Встреча президента Хаджимба с послом Григорьевым, по случаю окончания дипмисси посла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны иҟаз Урыстәыла Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны иҟаз Урыстәыла Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иара Аԥсны иҟазаараан инапынҵақәа хәшьара ҳаракыла рымҩаԥгаразы. Аԥсны иҟаз Урыстәыла Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев идипломатиатә усура хырқәшо иазгәеиҭеит игәы аҟәырҷахак Аԥсны ишынижьуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии наградил орденом "Ахьдз-Апша" I степени первого посла России в Абхазии Семена Григорьева
Президент Абхазии наградил орденом Ахьдз-Апша I степени первого посла России в Абхазии Семена Григорьева  - Sputnik Аҧсны
Президент Абхазии наградил орденом "Ахьдз-Апша" I степени первого посла России в Абхазии Семена Григорьева

"Москва ирыдыркылеит аӡбра сдипломатиатә миссиа Аԥсны ахыркәшарази аҽа усурак ахь сиагарази", — иҳәеит иара.

Григориев иара убасгьы иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иганахь ала азыҳәатә нота наишьҭраны дшыҟоу.

"Сара Аԥсныҟа Ацҳаражәҳәаҩыс саашьҭын 2008 шықәса рзы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра шазханаҵаҵәҟьаз", — иҳәеит Григориев.

Семен Григориев ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аԥсны ахадацәа изыруаз адгылара, Аԥсни Урыстәылеи русеицура раԥхьатәи ашьаҿақәа рышьақәыргылара ацхраара хра аманы ишиԥхьаӡо иҳәеит.

"Зегьы ирхадараны ҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит аԥсуа жәлар иҳарҭоз агәыбылра, иаҳзыҟарҵоз адкылара. Сара аамҭақәак Аԥсны сыҟазаауеит, иахәҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы. Макьаназ абзиараз ҳәа сҳәом", — иҳәеит иара.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны иҟаз Урыстәыла Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иара Аԥсны иҟазаараан инапынҵақәа хәшьара ҳаракыла рымҩаԥгаразы.

"Аԥсны азхаҵара ҳара ҳзы акрызҵазкуа усуп. Урыстәыла ду ахаҭарнак иҳасаб ала абрахь иаарышьҭыз шәара шәоуп. Семион Виачеслав-иԥа, шәара ишәылшәыршеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еснагь ахаҭабзиара ҳарак рыман рыҟазаара", — иҳәеит атәыла Ахада.

Семион Григориев Аԥсныҟа цҳаражәҳәаҩыс даашьҭын 2008 шықәса, жьҭаара 25 рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0