Арадио

Ҵәыџьба: зыҿҳәара ахыԥаз ауараш ауаҩы имжәыроуп

Ауараш амаӡақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи ауараштә зауад ауараш аршырҭа ацех аиҳабы Адгәыр Ҵәыџьба. Ауараш Жәларбжьаратәи амш ауп иахьа.
Sputnik

"Ауараш абзиабаҩцәа зегьы ҳрыхьӡоит. Сынтәа иаҳзықәгылоу амаругақәа зегьы ҳаԥсахит. Ажәлар ауараш аахәара инеиуа рҭахрақәа зегьы хаҳарҭәаартә ҳаҟоуп. Ауараш аԥаҭлыка иҭоуи егьыс аҷа (абокал) иҭаҭәаны ирҭиуеи реиԥшымзаара атәы ҳҳәозар, аԥаҭлыка иҭоу  апастеризациа иахысуеит, ҩымз-хымз ибжьымсырц азы. Егьыс иҟоу ауараш ҩымш-хымш агьама еицакӡом архьшәашәагаҟны. Ауараш аԥатлыка иҭоу, иану аҿҳәара иахыԥаӡом, иахәҭоу аградус аҟны иҟазар. Зыҿҳәара ахыԥаз ауараш ауаҩы имжәыроуп", — иҳәеит Ҵәыџьба.