Арадио

Амқәаб: ауниверситет аҟны иҟоуп азанааҭкәа абитурентцәа зынӡа издымҵаалаз

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭалараан зынӡа изызхьамԥшыз азанааҭкәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны адкыларатә комиссиа алахәыла, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Амқәаб ауниверситет аҭалараан иалырхуа азанааҭқәа ирызкны

"Сынтәа ауниверситет ахь арзаҳалқәа аларҵеит 577-ҩык. Урҭ рахьынтә шьҭа традициала азиндырратә аекономикатә факультетқәа алызхуа иаҳа ирацәоуп. Угәы узырхьша акәны иҟоуп зынӡа арзаҳалқәа ахьаларымҵаз ахырхарҭакәа ахьыҟоу.  Урҭ иреиуоуп афизика, абиологиа, ақыҭанхамҩа амеханизациа аҟәшаҟны аӡәгьы мнеиӡеит. Иара убас, сынтәа азанааҭ ҿыц ҟаҳҵеит аԥсуеи аурыс бызшәақәеи рзы аиҭагаҩцәа ҳәа, аха уахьгьы арзаҳал аларымҵеит", — иҳәеит Амқәаб.