Атанкистцәа "аӷа" идесант ааныркылеит

Урыстәыла-Аԥснытәи атактикатә арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Амшын еиқәа иаԥну Тамани Ҟрыми инадыркны Аԥснытәи арратә полигон Нагвалоу аҟынӡа, нанҳәа 1-15 рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа, 6– Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ атанкистцәа имҩаԥыргоз аҽазыҟаҵараан амшын аҟынтәи адесант аӡхыҵра ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы аполковник Вадим Астафиев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аладатәи арратә округ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла арратә база атанктә ҟәша "аӷа" идесант амшын рыӡхыҵра ԥдырҟәҟәааит аполигон "Гәдауҭа" аҟны", — иҳәеит Астафиев.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 2,5 нызқьҩык аррамаҵзурауаа, арратә техника 600 цыра рҟынӡа.

Амшын иху ирықәкны атанкқәа рхысра раԥхьаӡа акәны ахархәара аҭоуп.

Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ Александр Дворников иажәаәқа рыла, азеиԥшартә еидкыла анапхгара ҩ-ганктәи атактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Амшын еиқәа иаԥну араионқәа рҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит амотохысыҩцәа, авиациа, аибашьыга-ӷбақәа.