"Сара исҳәар сҭахуп, амарафон зегьы гәаартыла ҳазнеит. Насгьы ҳара хықәкыс иҳаман адунеи аҟны аԥсуаа ахьыҟоу ҳабжьы раҳарц. Ҳара ҳабжьы рықәҳаргеит ацхыраара ҟарҵарц, уи адагьы хықәкыс иҳаман ҳаидкылара, ҳаибабара ԥкымзарц, уи ауп зегь реиҳа ихадароу, аԥхьаҟагьы Аԥсны аҿиара азҭо.
Амарафон аҽны еизгахеит миллионки бжаки инацны аԥара. Ауахәама аргыларазы аԥареизгара ари ала ихыркәшаӡам. Иара ауахәама аргылара акәзар, апроект ала 50 миллион мааҭ рҟынӡа аҭахуп", — лҳәеит Ҳагԥҳа.