Николос Мадуро иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан

Боливар ихьҭ зху ипроспект аҿы иқәгылараан, атрибунахь даннеиуаз аамҭазы Мадуро арԥжәагақәа игәыдҵан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Венесуела апрезидент Николас Мадуро асабшаҽны иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Мадуро Венесуела Ахадас далхуп

Боливар ихьҭ зху ипроспект аҿы иқәгылараан, атрибунахь даннеиуаз аамҭазы Мадуро  арԥжәагақәа игәыдҵан. Аԥжәара иахҟьаны быжьҩык агвардиауаа ахәрақәа роуит.

Мадуро телехәаԥшрала дықәгыланы иҳәеит ахара змоу шыԥшаахо, иагьшахьырхәхо.

Венесуела ахада игәаанагарала, ахара рыдуп Колумбиа ахада Хуан Мануель Сантоси, Дональд Трампи урҭ имҩаԥырго аполитиказы.

Иҟалаз ахҭыс ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ "Фланелевые солдаты".