Швеицариа аҳаирплан каҳаит

Швеицариатәи акантон Гризон аполициа ирымоу адыррақәа рыла, Аҩбатәи адунеитә еибашьразтәи аҳаирплан JU52 HB-HOT каҳаит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Акантон Гризон/Граубиурден аполициа ишьақәдырӷәӷәеит икаҳаз аҳаирплан Junkers Ju 52 иҭаз 20-ҩык ауаа ҭахеит ҳәа, 11-ҩык ахацәеи 9-ҩык аҳәсеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Реитер адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҳаирплан анкаҳауаз 2540 метра иҳаракны иԥыруан. Иара Локарнонтәи ахы хан Дбиуендорфҟа.

Аполициаа апресс-конференциаҿы ирҳәеит аҳаирплан 1939 шықәса рзы иҭыжьын ҳәа.