АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Акантон Гризон/Граубиурден аполициа ишьақәдырӷәӷәеит икаҳаз аҳаирплан Junkers Ju 52 иҭаз 20-ҩык ауаа ҭахеит ҳәа, 11-ҩык ахацәеи 9-ҩык аҳәсеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Реитер адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аҳаирплан анкаҳауаз 2540 метра иҳаракны иԥыруан. Иара Локарнонтәи ахы хан Дбиуендорфҟа.
Аполициаа апресс-конференциаҿы ирҳәеит аҳаирплан 1939 шықәса рзы иҭыжьын ҳәа.