Стивен Сигал Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакс дҟаҵоуп

Сигал Урыстәыла атәылауаҩра иоуит абҵара 3, 2016 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Актер Стивен Сигал Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра дахаҭарнакхоит урыстәыла-америкатәи агуманитартә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аусҳәарҭа Facebook аҿтәи адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Стивен Сигал Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра дахаҭарнакхоит урыстәыла-америкатәи агуманитартә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы. Уи хықәкыс иамоуп агуманитартә усхк аҟны урыстәыла-америкатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи акультуреи, аҟазареи русхк аҟны аинырра арҿиареи", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аминистрраҿы иазгәарҭеит ари амаҵзура уаажәларра-политикатә маҵзуроуп ҳәа.

"Адунеижәларбжьаратә практикаҿы ари ООН агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа рнапынҵақәа иреиԥшны ишьоуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭара атекст.