Аахыҵ Уаԥстәыла Қырҭтәыла аганахь ала аҳәаа адыркит

Асеиԥш ӡбан ақырҭуа агрессорцәа Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала ажәылара анымҩаԥырга жәа-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаа анаркит Қырҭтәыла аганахь ала. Асеиԥш аӡбра рыдкылан ақырҭуа агрессорцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ианажәла аахыс жәа-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара инадҳәаланы.

Аахыҵ Уаԥстәыла арратә ҟәшақәак Урыстәыла арратә мчрақәа ирылалоит

Аҳәаа аркхоит нанҳәа 6 — 9 рзы ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

"Аахыҵ Уаԥстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаа анаркит Қырҭтәыла аганахь ала. Асеиԥш аӡбра рыдкылан ақырҭуа агрессорцәа Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала ажәылара анымҩаԥырга жәа-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара инадҳәаланы. Аҳәаа аркхоит нанҳәа 6 — 9 рзы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәаҭан аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура шхацдыркуа нанҳәа жәба рзы.

Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит анапахьы аагаразы. Урыстәыла ар аланагалеит. Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.