Аԥсны Ахада Шьамтәылаҟа ицара иалацәажәоит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа усутә аҭаарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоуп Аԥсны Ахада Шьамтәылаҟа ицара азырхиара азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә республикахь официалла иаҭаара мҩаԥысыр алшоит ҳәа иҩуеит Facebook аҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Рауль Ҳаџьымба: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵарала агәаӷьра ду аанарԥшит

"Нанҳәа фба рзы Шьамтәыла инеиит Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа. Аделегациа напхгара аиҭоит атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц. Аԥсны аделегациа усутә визитла Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоуп Аԥсны Ахада Шьамтәылаҟа ицара азырхиара азҵаарақәа рылацәажәаразы"?— ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Шьамтәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит ҳазну ашықәс, лаҵарамза 29 рзы.