АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Автомҩа Краснодар – Кропоткин 122 акилометр аҿы амҩатә машәыр ду ҟалеит. Иҭахеит ҩыџьа ауаа, ԥшьҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит " Кубанские новости".
Автомашьына Nissan аԥсҟы зкыз автомашьына Hyundai дасит. Убри ашьҭахь Hyundai ахырхарҭа иахҟьеит, аԥхьаҟа иааиуаз автомашьына Volvo иасит. Volvo аԥсҟы зкыз иакәзар, аидыслара ашьҭахь автомашьына Scania дасуеит.
Аҵыхәтәантәи ааҳәуеит. Volvo аидарамҩангага машьына МАN иасуеит.
Уигьы азмырхакәа Volvo ВАЗ-и аполициаа рмашьына Lada ирысуеит.
ВАЗ аԥсҟы зкызи апассаџьыри ҭахоит.
Азинхьчаратә органқәа аусҭҵаара нападыркит.