Арадио

Габниа: Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра иалагаанӡа ҩышықәса шыбжьаз ацәалашәара соухьан

Сергеи Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахатә гәаԥхарала цхыраара дышцаз, 2008 шықәсазтәи хәымштәи аибашьра анеилгоз иибаз, ихамышҭуа ахҭысқәа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Габниа нанҳәа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны

"Ҳара ашьаарҵәыра ҳаналагылаз, дара рыҷкәынцәа ааны иҳадгылеит, иҟалеит иҭахазгьы. Сара ԥшыхәҩык иаҳасабала издыруан Цхинвал иақәлараны ишыҟаз. Еиуеиԥшым адыррақәа ыҟан, урҭ еизганы урыхәаԥшыр иубон ақырҭцәа аибашьра ргәы ишҭаз. Цхинвал август 2006 шықәсазы снеихьан. Атәылахьчара аминистр иасҳәахьан сгәаанагара аибашьра ҟалоит ҳәа. Арезерв аруаа разыҟаҵара ҳалагеит. Иаргьы иҳәеит дыррақәак шрымаз ақырҭцәа аибашьра ргәы иҭоуп ҳәа, аха ианыҟалоз рыздыруамызт. Нанҳәа жәаба рзы Цхинвал уахьналалоз снеит. Уаҳа цашьа ыҟамызт. Акгьы зхарамыз асабицәа, абыргцәа ахьыршьыз аҭыԥ сақәшәеит. Ақырҭцәа хьаас иҟарымҵеит аӡәгьы. Икажьны иаабаз амобилтә ҭел ианын зцәа зтәымыз аԥхәыси ахәыҷи танкла ишырцҟьаз", —иҳәеит Габниа.