"Хәымштәи аибашьра" иалаӡыз ргәаладыршәон Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражҳәарҭаҿы

"Хәымштәи аибашьра" иалаӡыз ргәаладыршәон Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражҳәарҭаҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Хәымштәи аибашьра" иалаӡыз ргәаладыршәон Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражҳәарҭаҿы, арахь иааиит Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Иури Иасносокирски, Аԥсны иҟоу Приднестровиа Ацҳаражәҳәаҩ Гарри Купалба.

Шамба: Қырҭтәыла ақәылара уаанӡагьы аҽазнархион

"Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра хәымш ракәын ианцоз, аха иара иалаӡит жәпаҩык ауааԥсыра: ауаԥс еибашьцәа, аҭынч уааԥсыра, урыстәылатәи аҭынч реиҿкааҩцәа, урыстәылатәи асолдаҭцәа, аофицарцәа", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аахыҵ Уаԥстәыла ауаажәлар ахаан ирхашҭуам урыстәылатәи аррамаҵзурауаа рфырхаҵара, ҭабуп ҳәагьы ахырҳәаауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Иҭахаз рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых ианылоит", — иҳәеит Боциев.

Рауль Ҳаџьымба иакәзар иазгәеиҭеит жәашықәса раԥхьатәи ахҭысқәа Аԥсны аӡәгьы ишихамшҭыз.

"Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар фырхаҵарыла рыԥсадгьыл рыхьчеит. Иахьа Урыстәыла иалшо ҟанаҵоит урҭ ҭынчымҩала ԥхьаҟатәи рԥеиԥш дырҿиаларц", — иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Иури Иасносокирски иакәзар иҳәеит Урыстәыла ахахьы иагаз жәларбжьаратәи ауалԥшьақәа ирықәныҟәаны Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рҭынчра шеиҿнакаауа.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба, вице-президент Виталий Габния и спикер парламента Валерий Кварчия во время траурных мероприятий в Посольстве Южной Осетии в Абхазии

Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар " Градқәа", атанкқәа, авиациа рыла ихысуа аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, аҳҭнықалақь Цхинвал абжара еилаԥырыххааит. Урыстәыла ауаԥс жәлар аӡәреи-аԥсреи ирцәыхьчо ақырҭуа ир ирҿагылеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәыла ахы иақәиҭтәын.

Москва нанҳәа 26 2008 рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Траурные мероприятия в Посольстве Южной Осетии в Абхазии