АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду аманы ишыҟоу иахцәажәеит аминистрраҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәыла ахаангьы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит арҭ аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адиалог аҭыԥ амазарц. Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду аманы ишыҟоу зегьы еицырдыруеит", — ҳәа аҳәоит аминистрра асаит адырраҭараҿы.
Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Урыстәыла ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Тувалу, Вануату, Шьамтәыла.