"Хра злоу ахҭысқәа": Нанба нанҳәа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны
© Sputnik
"Убри ауха Аԥсны ахада амчрақәа рхаҭарнакцәа еизигеит. Уи аԥхьа Аахыҵ- Уаԥстәылеи ҳареи ҳнапхгаҩцәа еибырҳәахьан ҳтәылақәа ирықәлозар, аибашьра ишалаго. Ақырҭцәа ауаԥсаа ианрықәлоз нанҳәа ааба рзы, ҳара ҳадгьылҵакыра ахәҭак Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭцәа рнапаҟны иҟан. Адунеи аҟны иадырбон Аԥсны автономтә республика ҳәа. Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла ҳар мазеины игылан. Избанзар уи аԥхьа ахҭысқәа рацәан, иубаратәы иҟан акы ргәы ишҭаз. Ҳаргьы ҳҽазыҟаҵан ҳаҟан. Ақырҭцәа Аахыҵ-Уаԥстәыла ашьҭахь Аԥсны иақәлараны ишыҟаз зыршаҳатуаз ашәҟәқәа ҳаԥшааит Кәыдрытәи аҩхаа анҭаҳарцәы", — иҳәеит Нанба.