Арадио

Аргәын: алагер "Аԥеиԥш" аҟны аҭыԥҳацәа иддырбоит асапын шыҟарҵо, ишыӡахыша

Ауаажәларратә гәыразратә еиҿкаара "Кьараз" ахаҭарнак Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәоит ахәыҷтәы лагер "Аԥеиԥш" сынтәа аусура шеиҿкаау.
Sputnik
Аргәын: алагер "Аԥеиԥш" аҟны аҭыԥҳацәа иддырбоит асапын шыҟарҵо, ишыӡахыша

"Аԥхын ахәыҷкәа рзы еиҳарак алагер зеиҿаҳкаауа, ирылааӡатәуп агәабзиара ахьчара, ахымҩаԥгашьа. Иазгәасҭыр сҭахыуп, иахьа ақыҭа хәыҷқәа рыбжьара иҟоуп Аҟәа зымбацгьы. Алагер "Аԥеиԥш" шьҭа хышықәса имҩаԥысуеит. Сынтәа уи еиҿкаауп Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны. Алагер аҟны ҩ-гәыԥк ахәыҷқәа рыдыркылоит. Гәыԥцыԥхьаӡа 50-ҩык ахәыҷкәа еиднакылоит. Дара мчыбжьык алагер аҟны иҟазаауеит. Алагер "Аԥеиԥш" аус аулоит нанҳәа ҩажәанӡа", — иҳәеит Аргәын.