Арадио

Қәҭарба: сроман анысыҩуаз Ҭырқәтәыла сқыҭаҟны инхоз аԥсуаа рхымҩаԥгашьа сазхәыцуан

Ашәҟәыҩҩы, апублицист Ҳаири Қәҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ироман "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит" ахԥатәи ахәҭа "Асакараҿы дыҟазаргьы дыхьҭышьуеит ахҵәарах" захьӡу аҟны иааирԥшыз афырхацәа зусҭцәоу.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Қәҭарба ироман иазкны

"Ҳахҵәаны ҳанца, атәым жәҩан аҵаҟа аԥсуаа, адыгаа ҳәа хазы ҳаҟамызт, ахҵәара зықәшәаз араагьы еигәылацәан, аиуара рыбжьан, Ҭырқәтәыла иахьнеизгьы еигәылацәан, ақыҭақәа ҟарҵеит, еицхырааит. Урҭ зегьы ароман аԥхьаҩцәа рылаҟны иназгар сҭахын, исыздыруам иахьынӡасылшаз. Ароман уыҩуазар, уи аҟны иҟоу аҷкәынгьы, аҭаҳмадагьы рхымҩаԥгашьа ԥсуаҵас иҟалароуп. Османтәи аимпериа дуӡӡаҟны амилаҭқәа рацәан, аха аҭырқәцәа анационалисттә ҳәынҭқарра андыргыла, зегьы дырҟьацит, ассимилиациа апроцесс акыр иаҳныԥшит. Ааигәанӡа азин ҳамамызт ԥсуаҵас иаарԥшны ароман аҩҩра. Уажәшьҭа азин аныҟала, изыҩҩуа ҳамаӡам. Аԥсуа ҵас, алеишәа рдыруеит, аха ароманаҟны аарԥшра даҽакуп. Ҳабацәа рхәыцшьа, ргәала аарԥшра сашьҭан. Ҳҭаацәаҟны абрантәи инаргаз аԥсуа ҵас ала ҳрааӡеит. Ароман аҩҩра сара сзы иуадаҩымхаӡеит. Сқыҭа Есма-ҳаным инхоз аԥсуаа аасырԥшит сроман аҟны, уи анысыҩуаз сазхәыцуан дара рхымҩаԥгашьа", — иҳәеит Қәҭарба.