Аԥсны азхаҵара амшныҳәахь иааԥхьоуп Владимир Путини Дмитри Медведеви

Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аиубилеитә рыцхә – Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10— Sputnik. Аԥсны азхаҵара амшныҳәахь иааԥхьоуп Урыстәыла Ахада Владимир Путини Аԥыза-министр Дмитри Медведеви ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳазхазҵаз атәылақәа Рхадацәа рахь ааԥхьаратә шәҟәқәа шьҭуп. Иара убасгьы иааԥхьоуп Урыстәыла аполитикатә напхгара ахаҭарнакцәа", — иҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу азҭаз Рауль Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ԥхьаҟагьы жәларбжьаратәи апозициақәа шьақәырӷәӷәо, жәларбжьаратәи азхаҵаразгьы аусурақәа шымҩаԥнагало.

Иара иажәақәа рыла аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит Шьамтәыла Ахада Башар Асади иареи реиԥыларазы.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Уи амҩа иқәлеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу. 2

2018 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатәи ареспублика.