Арадио

Коӷониа: Нигериатәи акоманда апатреҭ шҭырхуа еиԥш ихәмаруазҭгьы, ҳус цәгьахон

Аԥсны еизгоу ашьапылымпылтә команда ахәмарҩы Лаша Коӷониа арадио Sputnik аефир аҟны ахәшьара аиҭеит Нигериатәи акоманда ахәмарра.
Sputnik
Коӷониа: Нигериатәи акоманда апатреҭ шҭырхо еиԥш ихәмаруазҭгьы, ҳус цәгьахон

"Ҩышықәсаҟа ҵуеит атәым милаҭқәа еизгоу ркомандақәа рыхәмарра Аԥсны ирымбеиижьҭеи, Конифа ачемпионат анаҩс. Аиаша ҳҳәозар, Нигериа астудентцәа ркоманда уиаҟара иӷәӷәамызт. Аиааира ргар рҭахын, аха ахәмарра акәымкәа, ԥсшьара иааз рсахьа рыман. Амала акрыфареи апатреҭҭыхреи амца адыркуеит зынӡа, убас ашьапылымпылгьы иасуазҭгьы, апроблемақәа ҳауан", —иҳәеит Коӷониа.