"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Қәҭарба ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар ирызку ироман азы
© Sputnik
"Иџьшьаны сызхәаԥшуа акәны иҟоуп аԥсуаа реиҳа егьырҭ амилаҭқәа аинтерес аарԥшны ароман иахьаԥхьуа. Аерман ԥҳәыск, ларгьы дышәҟәыҩҩуп, сроман данаԥхьа ус салҳәеит: "Ҳаргьы иаҳхаагеит ахҵәара, иаҳаҩҩуеит ароманқәа, иҭаҳхоит афильмқәа. Аха ҳара ҳахҵәара шәара шәтәы еиԥшым. Ҳара ҳхәыҷқәа ҳҟыуҵәыуа иҳааӡоит. Ароман санаԥхьа убас сазхәыцит, убри аамҭазы арыцҳарақәа рацәаны ирылагылаз аԥсуаа саргьы срыдгыландаз" ҳәа. Ари сара сзы иҳамҭоуп. Сроман иаԥхьо дарбан милаҭзаалакгьы сара исҳәар исҭахыз еилылкаауазар, сус ишысҭахыз иҟасҵеит ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Қәҭарба.