Арадио

"Агәалашәара амҩала": Тҟәарчал ахҵәацәа рзы иаԥҵаз акомиссиа иазкны

Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Sputnik
"Агәалашәара амҩала": Тҟәарчал ахҵәацәа рзы акомиссиа аԥҵан

Sputnik есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхқәа "Агәалашәара амҩала" захьӡу апроект аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи шәырзыӡырыҩлар ҟалоит арадио аҿы, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәрыԥхьар шәылшоит.