Арадио

Муцба: аибашьра ҟалоит ҳәа ҳаздыруамызт

Аибашьра раԥхьатәи амш адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәалаиршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Алықьса Муцба.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Муцба аибашьра раԥхьатәи амш азы

"Аԥсуа гвардиа ҳалан Агәыӡера ҳаҟан абаталион аҟны. Аибашьра ҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт. Абаталион аҟны ҳҽазыҟаҳҵон аидарақәа рыхьчареи рымҩангареи раан ҳхы шымҩаԥаагаша. Арота адҵаҟаҵаҩс ҳаман  Нури  Багаҭелиа. Бабышьра иҳаман абаза. Ашьыжь асааҭ ааба рзы еиԥш  ҭҟәацбыжьк ҳаҳаит аҳаирбаӷәаза шыҟаз. Сареи даҽа фҩык асолдатцәеи ҳаҟан. Арадиоеимадагала иҟалаз расҳәеит. Еилкаа ҳәа сыдарҵеит. Аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа балонк ԥжәеит ҳәа ҳарҳәеит. Хҭыԥахь ҳааит. Ус Аӡҩыбжьаа аҷкәынцәа, шәызҿи аибашьра иалагеит ҳәа иаҳзааит. Агәыӡерантәи иаҳзасит аибашьра иалагеит, шәҩызцәа шьҭыхны шәааигәа игылоу агәыԥ "Каҭран" ахь шәца  ҳәа", — игәалаиршәеит Муцба.