Арадио

Ҵәыџьба: ақырҭцәа ҳмабашьызҭгьы, лассы "ҳаӡҭыр" ҟаларын

Аибашьра раԥхьатәи амш адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәалаиршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхыҩ Нодар Ҵәыџьба.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ҵәыџьба аибашьра раԥхьатәи амш иазкны

"Ииашацәҟьаны иҟан аибашьра иазыԥшымыз, еиҳарк игәыӷуан аибашьра ҟалом ҳәа. Аха аханатә агәра ганы сыҟан аибашьра ишалагоз. Аҳауаҿы икнаҳан аибашьра ишалагоз. Ҳҩадахьы ҳазлаз аимпериа дуӡӡа еилаҳаит. Уажәшьҭа еилкаан — ҳмеибашьыр ада ԥсыхәа шыҟамыз. Аҩны, Афон Ҿыц сшыҟаз, сасцәақәакгьы сҭан, Беслан Қапбеи сареи ҳаигәылацәан, дааины аибашьра иалагеит иҳәан, дындәылҵит. Ҳаргьы ҳазыԥшны ҳтәазшәа, ҳандәылҵит.  Уажәы исҳәо даара иҿаасҭоуп, иҳьанҭоуп, издыргәышьоит, аха иаҳмабашьыкәа ҳзаазҭгьы, иахьа ҳцәаҩа шыҟоу еиԥш, ирласны ҳаӡҭыр ҟаларын", — иҳәеит Ҵәыџьба.