Арадио

Ануа: аццакра ҟамҵакәа, гәышԥыла ҳажәымлакәа Кәыдырҭа ҭаҳарцәит

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал Владимир Ануа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Кәыдырҭа аҩадатәи ахәҭа ақырҭцәа рҟынтәи ишҭарцәхаз.
Sputnik
Ануа: аццакра ҟамҵакәа, гәашԥыла ҳажәамлакәа Кәыдырҭа ҭаҳарцәит

"Аибашьра анеилга инаркны 2008 шықәсанӡа акырынтә ҳаидыслахьан ақырҭцәеи ҳареи. Дара Қәдрытәи аиҩхааҟны ицо-иаауа ибжьан, арахь Галынтәи  шаҟа хкы ҟарҵахьаз  жәдыруеит. Иазыԥшын ҳҭацаланы хыхьынтә ааха ҳарҭарц, иаҳгәыдларц. Дара гәҭакыс ирыман иршьуа шьны, иаанхоз Қарҭ иганы иддырбарц, араҟа агәыҭҟьа иадыргарц. Уи зегьы ирыздыруам, аха ус еиԥш агәҭакқәа ыҟан, аԥсҭбарақәа рацәахон. Аха иццактәым ҳәа атәылахьчара аминистрреи аиҳабыреи ирыӡбаз  алҵшәа бзиа аанашьҭит", — иҳәеит Ануа.