Арадио

Ҳашыг: Кәыдры аҭарцәраан ажурналистцәа рус ааԥсареи агәацԥыҳәареи ацын

Ателеканал "Абаза" адиректор хада Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит ажурналистцәа аус шыруаз Кәыдры аиҩхаа ақырҭцәа рҟынтә ианҭадырцәуаз нанҳәа 2008 шықәсазы.
Sputnik

"Нанҳәа 2008 шықәсазы хәымш  ҩ-сааҭ цыԥхьаӡа ишиашоу аефирахь ҳҭыҵуан. Кәыдра аиҩхаа анҭадырцәуаз аҽны быжьба  рҟынӡа инеиуан ишиашаз ицоз аефирқәа. Ари убасҟак ааԥсара аҵан, аха убри аан убасҟак агәацԥыҳәара ацын, агәырӷьара аҵан. Аҭагылазаашьа аҽахьаԥсахуаз анаҩсгьы Аԥсныи ҳажәлари зызхьаауаз, изықәгәырӷьоз ахҭысқәа бзианы иҿион, аихьӡара рыман", — иҳәеит Ҳашыг.