Атехникатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аԥснытәи аполигонқәа рҿы

Аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҿы Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа арратә техника атехникатә маҵзура аҭараз амобилтә ҟазарҭақәа хдыртит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13– Sputnik. Аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҿы Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа арратә техника атехникатә маҵзура аҭараз амобилтә ҟазарҭақәа хдыртит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Атехникатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аԥснытәи аполигонқәа хԥа рҿы. Аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҿы Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа арратә техника атехникатә маҵзура аҭараз амобилтә ҟазарҭақәа хдыртит. Ахархәара рырҭоит МТО-АТ МТО-БТ", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Иара иажәақәа рыла дара ара арратә техника аремонт азыруеит, адәы иқәыргоит, аҭыԥ ахь инаргоит.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык аррамаҵзурауааи 600 рҟынӡа арратә техникеи.