Арадио

Габалыиа: алахҿыхреи аԥсшьара бзиеи зцыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥаагеит

Апоет Дырмит Габалыиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Афон Ҿыц имҩаԥысуаз апоетцәа ҿарацәа рырҿиаратә хәылԥазы атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габалыиа апоетцәа рырҿиаратә хәылԥазы иазкны

"Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә апоетцәа ҳазнеит. Ажәеинраалақәа ҳрыԥхьон ажәҩан аҵаҟа. Аҩызцәа инаргеит агитара, ражәеинраалқәа ақәҵан инаргыӡон, жәлар рашәақәа ҳҳәон. Алахҿыхреи, аԥсшьареи, аицәажәара бзиа ацны аамҭа ҳхаҳгеит, аиԥырҵрагьы ҳҭахымызт. Ҩ-бызшәак рыла аус ҳуан, урыстәылантә асас даҳҭан, апоет, ашәҟәыҩҩы. Уи Урыстәыла апоетцәа ҿарацәа реихьӡарақәеи ирымоу ауадаҩрақәеи даҳзрылацәажәеит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Габалыиа.